Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит жәабран мзазы ақыҭа школқәа рзы автобусқәа ҿыцқәа шаарышьҭуа. Ари аларшахеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны иаҭаараан. Иара убасгьы далацәажәеит ашколхәыҷқәа рзы адиспансеризациа амҩаԥгара, арҵаҩцәа рзанааҭдырра аизырҳара азҵаарақәа, лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.