АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. 2017 шықәсазы имҩаԥгаз амониторинг аихшьаалақәа рыла, Аԥсны аенергосистемахь 24 миллиард мааҭ инареиҳаны аинвестициақәа ралагалара аҭаххоит.
"Ҳтәыла уи аҩыза аԥара амаӡам, 2017 шықәса раахысгьы ахәқәа рҽырыԥсахит, иарбоу аасҭагьы иаҭахны иҟоу еиҳауп", — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
"Убри инадҳәаланы ҳара ҳақәгәыӷуеит асистематә дгылара, Аԥсны ари иуадаҩу апроблема алгаразы Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рполитикатә ӡбара".
Иара иажәақәа рыла, абҵарамзазтәи аполитикатә кризис ашьҭахь, ареспублика ауадаҩрақәа рацәаны ианиеит, аенергетикагьы уахь иналаҵаны. Убри азы Урыстәыла анапхгара агуманитартә фымцалашара аиуразы ацхыраара иаҳәеит.
"Сара агәра згоит, ԥхьаҟагьы Урыстәыла анапхгареи ҳареи ас еиԥш иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбара шҳалшо".
Аԥсны ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аиҭеит.