АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны иҭаҩым атәылауаа абжьыҭиразы рзин шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭгақәа иахьа инаркны Алхратә комиссиа хадаҿы рыҭара иалагеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҟәа имҩаԥысыз абрифинг аҿы АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
"Аҽамхратә бӷьыцқәа аԥыххеит, ииашангьы иҟаҵоуп, ҳтәылауаа урҭ ламысдарала рхы иадырхәон, иахьҭаҩыз аҭыԥ аҿы еиԥш, рҽахьамырхыз аҭыԥ аҿгьы рыбжьы арҭон", — ҳәа иԥхьаӡоит иара.
Алхрақәа рылҵшәақәа аихшьаала рзыҟаҵахоит 2020 шықәсазы иҟаз аԥҟарақәа рыла.
"Аҩбатәи араунд аҿы еиҳа еиҳаны абжьқәа зауз акандидат егьи акандидатгьы, "зегьы ирҿагылоу" ҳәа зыбжьы зҭиизгьы еидкыланы дыриааир ауп", — ҳәа иҳәеит Маршьан.
"АКХ акандидатцәа рыбжьара иарбанзаалак аиқәшаҳаҭрақәа (аџьентльментә еиқәшаҳаҭрақәа - аред.) аднакылаӡом — ҳара иаадыруеит урҭқәа аҵыхәтәан иахькылсуа", — ҳәа аихшьаала ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы.
Иахьарнахыс асоциологиатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа Аԥсны ркьыԥхьра ҟалаӡом.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа жәабранмза 15 рзы имҩаԥысуеит. Иреиҳаӡоу амаҵурахьы акандидатцәа хәҩык ыҟоуп: Бадра Гәынба, Олег Барцыц, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Адгәыр Хәырхәмал.