Аԥсны

Бадра Гәынба инапы аҵаиҩит акандидатцәа алхрақәа рылҵшәақәа шеицазхарҵо азы аиқәшаҳаҭра

Sputnik
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба иаԥшьигеит, зегь раԥхьагьы инапы аҵаиҩит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵурахьы акандидатцәа рыбжьара алхрақәа рылҵшәақәа алхратә процесс алахәылацәа зегьы ишеицазхарҵо азы Аиқәшаҳаҭра.
"Ари аҳәамҭа ауаажәларраҿы иҟоу агәҭынчымра арԥсыҽра иацхраауеит, насгьы алхрақәа иҭышәынтәаланы имҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳанаҭоит".
Бадра Гәынба ари алхратә кампаниа аан оппонентс имоу Адгәыр Арӡынба алхрақәа рылҵшәақәа разхаҵареи арадикалтә шьаҿақәа рымҩаԥымгареи дшазхиоу азы ииҳәаз ажәақәа ахәшьара бзиа риҭеит.