Зегь раԥхьа аибарххарақәа раан машәырк ҟамландаз ҳәа ҳхәыцуеит, нас ҳреспублика ахԥша анырра шанаҭо, ҳәа азгәалҭеит Амҷыԥҳа аинтервиу аҿы. Азхаҵара анҳамам аамҭазы Европа аҳәынҭқаррақәа рҟынтә, аҭышәынтәалара еиҳагьы иацклаԥшлатәуп, лҳәеит лара.
"Анегативатә хҭысқәа апрессаҿы иаразнак ианылоит. Актәи ацәаҳәақәа рҿы иаҳбоит. Ҳара ашәышықәсақәа раԥхьа аҳәынҭқарра змаз тәылоуп. Убри ҳҳәалароуп, азакәан аус шауа дҳарбалароуп. Иҟоу амеханизмқәа зегьы ахархәара рымазароуп аҭышәынтәаларазы. Ҳара жәлар реизара ҳәа иҳаман, иахьала жәлар рреферендум ахь иугар алшоит. Ирацәоуп аҳәынҭқаррақәа уи амҩаԥгаразы аԥышәа змоу", - ҳәа лҳәеит Амҷыԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.