Кириенко иаара хҭыс бзиан ашкол азы, иаднаԥхьалаз даара ирацәоуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Шамба.
"Ашкол абылра ашьҭахь ҿыцны еиҭашьақәыргылан. Анаҩс иҟаҵан аспорттә комплекс. Уажәы Кириенко инапы ҭарцәны дмааӡеит. Асертификат ҳамҭас иҳарҭеит 20 компиутер раахәаразы. Ари ҳамҭа дууны иҳаԥхьаӡоит", - лҳәеит Шамба.
Приморсктәи абжьаратә школ арҵаҩы лажәақәа рыла, иахьазы 83-ҩык ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Урҭ рхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа иҳавымсӡеит, уи даара пату ақәаҳҵоит, сгәы иаанагоит ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа рышьҭахь ҳашкол иаднаԥхьало рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәахап ҳәа азгәалҭеит Шамба.
Автобусқәа рызҵаара акәзар, ақыҭан иҟоу ашколқәа рымаҵ ауеит аерманцәа рдиаспора иабзоураны иаахәаз автобуск. Шамба илҳәеит, ашкол аҿы аус шыруа Гәдоуҭантәи иаауа арҵаҩцәа, иманшәалахон ахыбра иамазҭгьы ахатәы автобус, ахәыҷқәеи арҵаҩцәа ныҟәызгаша ҳәа азгәалҭеит лара.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.