Ажьиԥҳа лажәақәа рыла араион аҿы 17 школ ыҟоуп ақалақьтәи ақыҭақәеи рҿы иҟоу налаҵаны.
"Ахәыҷқа ныҟәызго автобусқәа ԥшьба роуп иҳамоу. Ҩба ныҟәоит Аҟармареи Тҟәарчали рҳаблақәа рҿы. Егьырҭ ҩба - Бедиа Дуи Агәыбедиеи. Урҭ автобусқәа 2009 шықәса раахыс иҳамоуп. Аремонтқәа ҟаҳҵоит. Шықәсык ахь ҩынтә ианыбжьысуа ыҟоуп", - лҳәеит Тҟәарчал араион аҵараҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо.
Убри аан Оқәым, Ҵарча, Чхәарҭал иҟоу ашколқәа автобус рымаӡам, ахәыҷқәа даара ихараны инхоит, шьапыла амҩа иануп, иазгәалҭеит Ажьиԥҳа.
Тҟәарчал араион аҵараҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо илҳәеит, иааидкыланы араион бжь-автобуск амазар, аҭагылазаашьа иаҳа ишыманшәалахоз атәы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.