Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа "Ашана" аԥара ахыԥхьаӡалара иазкны

Sputnik
Агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" IT-еилахәыра "Ацифратә аби" аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иахьатәи атехнологиақәа рыбзоурала агәыразҩцәа иаарласны, имарианы аԥара ахыԥхьаӡалара рылшоит. "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, агәыразҩцәа рус шымариахо атәы, аԥышәа ҿыц аус шауло, насгьы еизырго аԥара иаҳа иацлап ҳәа ргәы изаанаго.
"Агәыҳалалра зхы алазырхуа иус армариара ҳазхәыцуеит. IT- еилахәыра иабзоураны уи алыршахоит. Асиат ахь инеиуа зегьы ирбалоит "Ашана" алаҳәарақәа, анаҩс доусы илшо ала ацхыраара ҟаиҵар ҟалоит. Асаит аҭааҩцәа рхархәарала еизгахо аԥара зегьы ҳфонд ахь иахыԥхьаӡалахоит", - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьынџьалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.