АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аҟәа, Аҳабла ҿыц Кьараз амҩаду ала жә-еихагыларак змоу аҩны ахыб амца акит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амца арцәара иалахәуп Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони амцарцәаратә гәыԥқәа хәба.
Амцакразы аҷаԥшьарҭахь адырра ҟалеит асааҭ 12:09 рзы.
Амца арцәаразы аусурақәа цоит.