Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳапат аҳәынҭқарраҿы аполитикатә ҭышәынтәалара иазкны

Sputnik
Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара, аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анапхгараҿы иҟоуи аоппозициеи разнеишьақәа реиқәымшәара еицәажәарала иӡбатәуп, рхатәы аасҭа ажәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа шырхьчо ддырбароуп рымчқәа еидҵаны, ҳәа иԥхьаӡоит Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.
"Абри аимак-аиҿак ҳшаҿу иаҳхашҭуеит ҳекономика, иаҳхашҭит акоррупциа, ҳаҿагылароуп, акриминал ҳаҿагылароуп, иҳаӡбароуп, адемографиа, абызшәа, аҿар аус рыдулара, ирацәаны апроблемақәа ыҟоуп. Абри аҩныҵаҟа аҭышәынтәалара аныҟам, иаҳа ихадоу азҵаарақәа ҳхашҭуеит, даҽа мҩак ҳақәланы ҳусқәа абжьыхра ҳаҿуп. Абарҭ 30 шықәса рыҩныҵаҟа имаҷны аусқәа ҟаҳамҵаӡеит, аха даара агхақәа ҳамоуп. Ҳсистема ҳҳәоит, ибаауп, ичмазаҩуп, ихәшәтәтәуп", - иҳәеит Ҳапат.
Иара иазгәеиҭеит алхрақәа ҟалаанӡа амчратә система аиҭакрақәа алагалара ишалацәажәало, аха анаҩс уи ус ишаанхо. Амчрахь инеиуеи аоппозициеи еибабозароуп, еицәажәалароуп, рымчқәа еибыҭаны аҳәынҭқарра аҿиара иаздырхар ауп, иҳәеит Ҳапат.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.