Урыстәыла

Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа атеракт амҩаԥгара зҽазыҟазҵоз ԥшьҩык аҳәса ааныркылеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Украинатәи аԥшыхәра ацхыраара азҭоз ԥшьҩык аҳәса ааныркылаеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Дара Севастополь, Воронеж, Ростов ақалақьқәа рҿы иҟан, Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәеи абылтәы-аенергетикатә комплексқәа рыргыларақәеи рганахь ала атеррористтә актқәа аздырхион.
Уи азы иаанкылоу Украина иҷыдоу азыҟаҵарақәа ирхысит – урҭ ахысгабџьар ахархәашьеи аминақәа рыԥжәаратә техникеи рҵеит, алкаара аметод ала ашьклаԥшышьа рҵеит.
Дара ахьынхоз аҭыԥқәа рҿы арҭҟәацгақәеи, урҭ рыхәҭақәеи, аимадаратә хархәагақәеи ԥшаан.
Аҳәса зегьы рҿа рықәшаҳаҭхеит, 30 шықәса рҟынӡа бахҭала аҭакра рықәшәар алшоит.