Аԥсны

Аԥснытәи арҵаҩцәа гәыԥҩык гьежьит "Машук" аҟынтәи

Азанааҭдырра аизырҳаразы апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ацентр "Машук" ахь инашьҭын Аԥсны аҵарадырра ахаҭарнакцәа 250-ҩык инареиҳаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аԥснытәи арҵаҩцәа гәыԥҩык гьежьит Урыстәыла, Пиатигорск имҩаԥысуаз Адыррақәа рцентр "Машук" аҟынтәи.
Аԥснытәи арҵаҩцәа уи иалахәхарц азы уаанӡа еицәажәахьан Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны дааны дынаҟз Бадра Гәынбеи иареи реицәажәара ашьҭахь.
"Урыстәыла иҳауа адыррақәа ҳара, арҵаҩцәа ҳамацара ҳакәымкәа, аус здаҳуло ахәыҷқәа рызгьы ихәарҭахоит", — иҳәеит Тҟәарчалтәи ашкол агеографиа арҵаҩы Даниил Какәылиа, Адыррақәа рцентр "Машук" аҟынтәи даныхынҳә ашьҭахь.
Иара дазааҭшылеит итрадициатәым азнеишьақәа азҿлымҳара шриҭаз.
"Ҳара еиҳарак ҳашьцылоуп атрадициатә схемақәа, иԥку стандартқәа рыла аусура. Аха афорум аҿы ҳара ҳхы рзыҳашьҭит итрадициатәым ахәыҷқәа аус рыдулашьеи арҵаҩратә знеишьақәеи. Сгәанала, абарҭ азнеишьақәа рхархәара ахәыҷқәа рҵараҿы еиҳа алҵшәа аанагоит, урҭ ари аформат еиҳа ирзыхәарҭахоит", — иҳәеит иара.
Какәылиа иажәақәа рыла, аԥсуа рҵаҩцәа ирҭахуп аринахысгьы ас еиԥш адыррақәа реимдара, ҳаԥхьаҟа – Урыстәыла мацара акәымкәа, Аԥсны аҩнуҵҟагьы.
Алагарҭатә школ арҵаҩы Рузанна Кесиан лакәзар, Урыстәылатәи Адыррақәа рцентр "Машук" аҟынтәи даныхынҳә ашьҭахь илҳәеит Аԥсназы ихәарҭахон Урыстәылеи иареи ас еиԥш иҟоу апроектқәа рымҩаԥгара, уи аҿар рзы даара анырра ӷәӷәа ҟанаҵон, социалла реизҳара иацхраауан ҳәа.
"Урҭ ҳҿар рхы ззыркша, ҵарас ирҵаша рхы азыршьҭыртә иҟарҵон", — лҳәеит лара. "Сара уи џьасшьеит (Адыррақәа рцентр "Машук"), Владимир Владимир-иԥа Путин иҭабуп ҳәа иасҳәоит ари аҩыза апроект азы", — ҳәа инаҵылшьит Рузанна Кесиан.
Жәабран 6-9 рзы Ставрополье Адыррақәа рыцентр "Машук" аҿы Аԥсны арҵаҩцәеи ашколқәа рдиректорцәеи рзанааҭеизырҳаразы апрограмма мҩаԥысит.
Алахәцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Урыстәыла Аҵара аминистр Сергеи Кравцов, Аҳәынҭдума адепутат, АНО "Евразиа" ахеилак ахантәаҩы Алиона Аршинова, Адыррақәа рыцентр "Машук" адиректор хада Антон Сериков, Урыстәыла Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Татиана Василиева, Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центра "Артек" аиҳабы Константин Федоренко, астатс-секретарь - "Росмолодеж" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Денис Аширов, егьырҭ аҵарадырра аусхк аҿы аекспертцәа.