Аԥсны

"Аҿырԥштәы бзиа": ахаԥыцхәышәтәыҩцәа иашьеи иаҳәшьеи Беиаа ирызкны

Жәабран 9 рзы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи ахаԥыцхәытәшәтәҩы имш.
Sputnik
Ианакәзаалак ашколхәыҷы абжьаратә классқәа рахь даниасуа ауп ԥхьаҟатәи изанааҭ дазхәыцуа даналаго. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо иашьеи иаҳәшьеи Аидеи Саиди Беиаа ракәзаргьы, ишыхәыҷыз ирдырхьан иҳақьымцәахар шырҭаху. Дара иалырхит ахаԥыцхәышәтәра.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аида Беиаԥҳа лан даара илҭахын лыԥҳа дҳақьымхар. Ахәыҷы аабатәи акласс аҟны дантәаз нахыс уи дазхәыцуа далагахьан. Аха аб уи аԥшьгамҭа адгылара аҭара иҭахымхеит. Аҭыԥҳа уеизгьы аҭаацәара далалоит, лҵара нлыжьуеит, сааԥсарагьы башахоит ҳәа иԥхьаӡаны.
"Сашьеиҵби сареи жәеиза шықәса ҳабжьоуп. Иара ԥхьаҟатәи иԥсҭазаара саб еснагь ихьааигон. Убасҟан ажәа исҭеит, сгәы иаҭаху азанааҭ ала Урыстәыла аҵара ҵаразы азин сиҭар, наҟ-наҟ сашьа ишьақәгылараҿы ацхыраара шааԥсырԥшуа ҳәа. Саб акраамҭа дхәыцуан, аамҭагьы уадаҩын, аибашьра ашьҭахь акәын. Срыцҳаишьоу, мамзар исҳәаз дазхәыцу сыздыруам, аха дақәшаҳаҭхеит, амала азанааҭ ансоулак Аԥсныҟа сшыхынҳәуа ажәа сымхны", - илгәалашәоит сажәабжьҳәаҩ Аида Беиаԥҳа.
Аԥҳәызба амедицинатә ҵараиурҭа аҭаларазы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит. Дныҟәон ахимиеи абиологиеи амаҭәарқәа ҷыдала рҽазыҟаҵарахь. Лара ахаԥыцхәышәтәра ада даҽа занааҭк лҭахымызт. Анаҩс, аҵара аамҭа аан, апрактика дахысуа даналага, ахирургиахь аинтерес лызцәырҵит. Ассистентс аус анылуаз, еснагь аҳәара ҟалҵон, ахирург иаамҭеихша дахыԥхьаӡалазарц аԥышәа имадаразы.
2003 шықәсазы, Аида дҭалеит Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет "ахаԥыцхәышәтәра" афакультет. 2008-2009 шықәсқәа рзы аклиникатә интернатура дахысит Москва, Урыстәылатәи Ажәларқәа Реиҩызара ауниверситет "ахаԥыцхәышәтәра азеиԥш практика" афакультет аҟны. 2009-2011 шықәсқәа рзы аклиникатә орденатура дахысит иара уаҟа, "ацламҳәатә-хаҿытә хирургиа" акафедраҟны. 2011 шықәсазы дахысит хымзтәи аҵара Москватәи Аҳәынҭқарратә Амедицина- Хаԥыцхәышәтәратә университет "ахаԥыцхәышәтәра - аимплантациа" ала. Аиҭашьақәыргыларатә хирургиеи ахаԥыцхәышәтәреи аимплантациеи ркафедраҟны аԥышәа рҳара дахысит.
Аидеи Саиди Беиаа
"Сара 2010 шықәса инаркны, шықәсыки бжаки аус зуан Москватәи ахаԥыцхәышәтәратә клиника "РусМед" аҟны, аҳақьым хаԥыцхәышәтәҩы-терапевтс, иара убас аклиника "Доктор Мартин" аҟны терапевтс-хирургс. Ажәакала, ҩыџьара еилазгӡон", - лҳәоит ахаԥыцхәышәтәҩы.
Аида Беиаԥҳа аинтернатуреи аклиникатә ординатуреи дрылганы Аԥсныҟа дааит 2014 шықәсазы. Уи нахыс еиԥмырҟьаӡакәа, аҳақьым-хаԥыцхәышәтәҩы-ахирург лыжәлар рымаҵ луоит.
"2014 шықәса инаркны аус зуеит Гагра "Ахаԥыцхәышәтәра Нарҭ" ҳәа иахьашьҭоу. 2017 шықәсазы уи инаваргыланы аусура салагеит Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҟны аҳақьым-хаԥыцхәышәтәҩы-хирургс. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ачымазаҩцәа сганахь маҷк агәрамгара рыман. Аӡәырҩы ус ирԥхьаӡон, илызҭеи аԥҳәызба убриаҟара амч ахаԥыц ыҵылхратәы ҳәа. Аха сара идеилсыркааит ахаԥыц аҵхраҿы амч акәымкәа ииашоу атехника шакәу аус злоу. Иахьа насыԥ змоу ҳақьымуп ҳәа схы сԥхьаӡоит, избанзар сыжәлар рыгәрагара саԥсахеит", - бзиа илбо лзанааҭ дазааҭгылоит Аида Беиаԥҳа.
2024 шықәсазы, Аида ашьаҭа алыркит лхатәы клиника "Clinic Dr. Beiya". Лара лгәы аздууп, ауадаҩрақәа дыриааины бзиа илбо азанааҭ аҟны дахьышьақәгылаз. Ауаа ргәабзиареи, рыԥшӡареи, рынасыԥи дахьахәҭаку.
"Сара сзы азанааҭ ԥарарҳага мацараӡам, уи акариератә мҩа иалагӡаны схықәкы анагӡара иазынархоуп. Сара еснагь сазыхиоуп сдыррақәеи сԥышәеи ирыдҵаало рыцеиҩшара", - ҳәа азгәалҭоит ахаԥыцхәышәтәҩы.
Амедицина есааира ԥхьаҟа ицоит. Ахаԥыцхәышәтәраҿгьы ицәырҵит иахьатәи ҳаамҭа иашьашәало амаругақәа. Иаҳҳәап, зда ихәарҭам акәхеит амикроскоп, акомпиутертә-ашәахәатә чымазарашьақәыргылага. Уи иабзоураны иааигәаны иубоит иҵәаху апроцессқәа. Аида илҳәоит, макьана лара лыклиникаҿы ари амаруга шыҟам, аха лыгәҭакы хадақәа ишреиуоу.
"Уажәазы акомпиутертә-ашәахәатә чымазарашьақәыргылара зҭахны иҟоу спациентцәа Аҟәаҟа ма Адлерҟа исшьҭуеит. Агәыӷра сымоуп хара имгакәа ари амаруга саргьы исоуп ҳәа. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, ауаажәлар ирыласҳәар саҭахуп, шықәсыбжак знык агәаҭара иахысырц. Усҟан дара ирдырлоит рхаԥыцқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроуи ишрызнеишеи ртәы", - ҳәа аилыркаа ҟалҵоит аҳақьым.
Аида даныхәыҷыз лаб илҭаз ажәа налыгӡеит. Лашьа Саид аиҳабыратәи аклассқәа рахь даниас, аԥсшьарамшқәа раан аусура дганы азанааҭ ахь агәыбылра илыркуан. Илырбон, аҭагылазаашьа зеиԥшроу инақәыршәаны иарбан маругақәоу ахархәара зҭатәу. Аҷкәын ԥшьаала азанааҭ игәаԥхо далагеит. Иаҳәшьа цхырааҩысгьы даалывагылеит.
"Ашкол ашьҭахь акырӡа сазхәыцуан иарбан ҵараиурҭоу иалсхуа ҳәа. Аҵыхәтәаны исыӡбеит, сҭаацәагьы адгылара сырҭеит, Санкт-Петербург, Киров ихьӡ зху Арра-медицинатә Академиа аҭалара. 2016 шықәсазы "Ахәышәтәра аус" афакультет саднакылеит. Аҩныҟа аԥсшьарамшқәа раан санаауаз, апрактика сахысуан Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада, ахаԥыцхәышәтәратә ҟәшаҟны еиуеиԥшым аспециалистцәа рҿы. Убас исгәаԥхо салагеит ахирургиа. 2022 шықәсазы сҭалеит ординатура "ацламҳәатә-хаҿытә хирургиа" ахырхарҭала. Саԥхьаҟа сԥышәа бзиаӡаны еизсырҳаит Арра-анҭыҵтәи ахирургиа акафедраҟны. Араҟа ирацәан иҷыдоу арратә операциаан (СВО) ахәрақәа зауз. Скураторцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит, ацламҳәатә-хаҿытә ԥҟарақәа рымҩаԥгаразы алшара ахьсырҭаз", - иҳәоит заҳәшьа лҟынтә аҿырԥштәы бзиа зауз аҳақьым Саид Беиа.
Аидеи Саиди Беиаа
Аклиникатә ординатура далганы, Саид Аԥсныҟа дааит. Аусурагьы далагеит Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада ахаԥыцхәышәтәратә ҟәшаҟны. Иара убас иаҳәшьа длывагыланы еицырзеиԥшу аклиникаҟны ҳақьымс дыҟоуп.
"Асовет Еидгыла аамҭақәа раан ахаԥыцхәышәтәыҩцәа ауаҩы ирԥшӡара иашьҭаӡамызт. Ахаԥыцҭарҭәагақәа рыԥштәы егьырҭ ахаԥыцқәа ирнаало ирнымаало иахәаԥшӡомызт. Агәырқәа имаҷӡаны иҭрыжьуан. Ахьаахҽыгақәа "Новокаин", "Лидокаин" реиԥш иҟаз адац змаз ахаԥыцқәа рыҵхраан акәын апациент иларҵоз. Егьи абжьара хьаахҽыгада аус руан, ахәыҷқәа анрыдыркылозгьы. Ахаԥыцхәышәтәра мҩаԥысуан арезорцин-формалинтә еилаӡҩала. Ари атехнологиа хырҳаган ҳәа иԥхьаӡан шәышықәса рҟынӡа, аспециалистцәа ауаҩы ихаԥыцқәа рыдагьы игәабзиара зегьы ишаԥырхагоу ҭырҵаанӡа. Иахьатәи ахаԥыцхәышәтәра акосмостә ццакрала иҿиоит. Ауаа уажәшьҭа ахаԥыц ахәышәтәра адагьы аԥшӡара иашьҭоуп. Ҳаргьы уи аҿы ҳрыцхраауеит ҳәа исԥхьаӡоит", - иҳәоит аҳақьым.
Аидеи Саиди Беиаа
Иашьеи иаҳәшьеи Аидеи Саиди Беиаа, аҭагылазаашьа рхы иархәаны, жәабран 9 рзы иазгәарҭо жәларбжьаратәи ахаԥыцхәышәтәыҩцәа рымш рколлегацәа ирыдныҳәало ирзеиӷьаршьеит рнапы злаку аус аҟны аихьӡарақәа. Рпациентцәеи дареи есқьынагьы рхы-рҿы рхаччо иҟазарц!