Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны иҟазараан иҳәеит, ашколқәа ишрыҭахо ацхыраара Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иазку абаҟақәа рзы. Иабанӡахәҭоу аҭоурых агәалашәара, ахәыҷқәа рҟынӡа уи шԥанагатәу, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит, аҭоурых ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.