Арадио

Беиаԥҳа ахатәгәаԥхарауаа ркорпус Аԥсны аусуразы: аҿар ирыларҵәатәуп аибашьра аҭоурыхқәа

Sputnik
Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы Жәларбжьаратәи ахатәгәаԥхарауаа ркорпус азыҟаҵаратә центр аадыртит. Ас еиԥш иҟоу ахырхарҭа аартреи арҿиареи ирылҵшәахо аусқәеи, ари ацентр ахықәкы хада зеиԥшрахои, иара ахаҭа аартра ҵакыс иамои ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.
Аиааира Ду амш 80 шықәса ахыҵра инамаданы Урыстәыла ахатәгәаԥхарауаа ркорпус аусура иалагеит. Иара еиднакылоит 500-ҩык еиҳаны аволонтерцәа, Аиааира ду амш иазку аусмҩаԥгатәқәа ирхаҵгыло аҿар.
"Ҳара ҳапланқәа шьақәгылоуп, аха аволонтерцәа анаҳзааи, ҳгәырӷьан иҳадаҳкылеит, избанзар, аҿар рдунеихәаԥшышьа ҽакуп. Аҿар ирылаҵәатәуп аибашьра аҭоурыхқәа, абри ахықәкы анагӡараҿы аусеицуразы ақәҵара шьҭаҳхит. Ҳаидтәаланы аплан шьақәҳаргыларац ҳгәы иҭоуп, аусмҩаԥгатәқәа шьақәҳарӷәӷәарцаз", - ҳәа лҳәеит Беиаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.