АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә ҳәаахьчаратә маҵзура адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы урыстәылауаа Аԥсныҟа 5,81 миллион ныҟәара мҩаԥыргеит.
Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Ҭырқәтәыла ашьҭахь, уаҟа 6,2 миллион ныҟәара мҩаԥган. Ахԥатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Ҟазахсҭан (2,81 миллион ныҟәара).
Урыстәыла анҭыҵ атуризм иҳаҩсыз ашықәс азы 25% рыла еизҳаит, иааизакны 29 миллион ныҟәара мҩаԥган.