“Ишәарҭам Арктика - 2025” захьӡу аԥышәара-ҭҵааратә ҽазыҟаҵарақәа Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҟәшақәа рыбжьара имҩаԥысит Архангельсктәи аобласт аҿы. Аиқәырхаратә еилазаарақәа реимадарақәа аус рыдулан, насгьы аиқәырхаратә еиқәыршәагақәа рҿырԥштәқәа ԥышәан. Зымҽхак ҭбааз урҭ аҽазыҟаҵарақәа дрылахәын Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убасгьы дырԥылеит Урыстәылатәи аиқәырхаратә усбарҭа ахаҭарнакцәа. Арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Архангельсктәи аобласт аҟны аиқәырхаҩцәа рҽазыҟаҵарақәа раан иибаз, иаҳаз, уи Аԥсны рхы иадырхәар шалшо, дазааҭгылеит Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реимадара, урҭ иҟарҵо адгылара атәы.
Аҳәынҭқаррақәа 50 инарзынаԥшуа рхаҭарнакцәа реиқәшәара ыҟан аԥышәара-ҭҵааратә ҽазыҟаҵарақәа рҿы, даара узызҿлымҳахашаз усмҩаԥгатәын, иҳәеит Кәыҵниа.
"Аинтерес ду аҵан, избанзар раԥхьаӡа акәны уа имҩаԥысуаз аԥышәарақәа ҳбон. Ҳәарас иаҭахузеи, уи ҳара ҳхы иаҳархәартә, ус еиԥш ахьҭа, уа иҟоу аҭагылазаашьеи ара иҟоуи еиԥшым, аха зегьы акоуп амшын, аӡы, ухазы иазгәоуҭаша, игәнукылаша даара ирацәан. Даара гәаартыла иаҳԥылеит уаатәи аиҳабыра, Архангельск ахаҭарнакцәа", - иҳәеит Кәыҵниа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.