Аиҿцәажәараҿы лара дазааҭгылеит, уажәааны ақыҭаҿы изҿу аусқәа ртәы, ацәаӷәара аамҭа рышҽазыҟарҵо, насгьы, аҿар аџьа ишадыԥхьалатәу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.