Арадио

Киртаӡе еиҭалҳәеит Адыррақәа рцентр "Машук" лыҟазараан лхазы иалылкааз атәы

Sputnik
Жәабран 6-9 рзы Пиатигорск Адыррақәа рцентр "Машук" аҿы Аԥсны арҵаҩцәеи ашколқәа рдиректорцәеи рзанааҭеизырҳаразы апрограмма мҩаԥысит. Уи шышьақәгылаз, аҵарааӡара аусхк аиӷьтәразы ас еиԥш аусмҩаԥгатә аҵакы, лхазы иалылкааз, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Мықәтәи актәи абжьаратә школ аиҳабы Светлана Киртаӡе.
"Ааӡаратә еиҿкаарақәа иахьа ҳаамҭа иақәшәо рыҟаҵара, арҵаҩцәа ааӡараҟны ирыхәаша акыр инарҭбааны иалацәажәеит. Афорум еиҿкаан Аԥснынтә инеиз арҵаҩцәа ҳзы мацара. Иаҳԥылеит, ԥсыуала иуҳәозар рнапы ҳақәыргылацәҟьаны ҳарбеит. Цәгьалацәҟьа иаҳгәаԥхеит рысасдкылашьа…Иаҳдырбон рыпрограммақәа, урҭ зегьы-зегьы еиқәшәоуп, еихышәшәо иҟоуп. Арҵаҩы инаганы ирҭоит атематикатә планқәа еиқәыршәаны, аинтернет дынҭалеит, иурок уаҵәы имоу идыруеит, аус адиулоит. Ҳара ҳҿы еицеизеиԥшу атематикатә планқәа ҟаҵаны амаҭәарқәа зегь рыла уи аҩыза иаҿуп, аха ашәҟәқәа иахьа ирыԥсахуеит, уаҵәы ак рыԥсахуеит, абарҭ хәыҷык аманшәаламрақәа ҳамоуп. Схазы иалыскааит абри ажәытә апионертә еиҿкаарақәа анҳамаз еиԥш, аиҿкаарақәа ҟарҵоит дара рышколқәа рҿы. Убри ааӡара ӷәӷәаны иаҵоуп ҳәа азырԥхьаӡеит. Аиҩызара, аидгылара, ахәыҷқәа рышьҭибахра, аԥхьаҟатәи рԥеиԥш азхәыцра, апатриотизм, абарҭқәа асистема иадҳәалашәа, иазааигәаны аус адырулоит, иаларгалоит, убри даара исгәаԥхеит", - лҳәеит Киртаӡе.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.