Аԥсны

Аԥсны аҿар Урыстәыла агранттә еицлабрақәеи еицырзеиԥшу апроектқәеи рхы рыладырхәыр рылшоит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥснытәи аҿар Урыстәыла имҩаԥысуа агранттә еицлабрақәеи еицырзеиԥшу апроектқәеи рхы рыладырхәыр рылшоит.
Урыстәылантәи иааз аделегациа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иаҭааит, аректор Алеко Гәарамиа иԥылеит, аҿар рполитика иадҳәалоу урыстәылатәи апроектқәа рӡыргара мҩаԥыргеит.
Аиҿкаара "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" анапхгаҩы Андреи Бетин Аԥснытәи астудентцәагьы алахәхар зылшо аҳәынҭқарра ахада иплатформа апроектқәа дрылацәажәеит.
"Росмолодежь" ахада Григори Гуров Аԥсны аҿар агранттә еицлабрақәа рхы рыладырхәырц, еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵарахьы ааԥхьара риҭеит.
"Сынтәа ҳашәзыԥшуп. Ҳара ҳазхиоуп 10 нызқьҩык рҟынӡа ауаа рыдкылара, ҳтәыла арегионқәа дырбара", — иҳәеит Гуров.