Аԥсны

Аԥсны Аспорт еилаки Урыстәыла ахада иплатформеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилаки Урыстәыла аҳәынҭқарра ахада иплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Адокумент рнапы аҵарҩит Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчааи "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада, анаԥхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенеж" аректор Андреи Бетини.
Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ртәылауаа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны асоциалла реизҳара ацхраара, рпроектқәеи раԥшьгамҭақәеи рыдгылара, иара убас аусмҩаԥгатәқәеи, аицлабрақәеи, апроектқәеи реиҿкаареи рымҩаԥгареи, урҭ рлахәылацәа рымҩақәҵареи рзы.