АҞӘА, жәабран 12 — Sputnik. Асахьаркыратә гимнастиказы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Ирина Винер лмаҵура аанлыжьырц лыӡбеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Иахьа сара сҿаԥхьа иқәгылоуп иҿыцу, акыр зҵазкуа аус – ачемпионцәа рааӡара мацара акәымкәа, исымоу аԥышәа ԥхьаҟатәи абиԥарақәа азыҟаҵо азыҟаҵаҩцәа рыҭара. Сҵаҩцәа рҟынтәи ирацәаҩны азыҟаҵаратә ус знапы алазкхьоу шыҟоугьы азгәаҭаны. Ари иалнаршоит ҳгимнастика атрадициақәа реиқәырхареи абиԥарақәа ремадареи", — ҳәа азгәаҭоуп РИА Новости азы иҟалҵаз ахҳәааҿы.
Ирина Винер диит 1948 шықәсазы Узбекистан, Самарканд ақалақь аҿы, 1969 шықәсазы Узбекисҭантәи аҳәынҭқарратә абаҩарҵәыратә институт далгеит "арҵаҩы-азыҟаҵаҩ" изанааҭ ала.
Винер 2001 шықәса инаркны Урыстәылатәи Афедерациа еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дыҟоуп, лара иазыҟалҵо рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала аолимпиатә чемпионцәа.