Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ҩышықәса зхыҵуа Леиа Адлеиԥҳа лзы аԥареизгара рыланаҳәеит. Леиа лыԥсҭазаара аиқәырхаразы даҽа знык абаҩшша атрансплантациа лхылгароуп, уи азы 27 миллион мааҭ аҭахуп. Иахьазы афонд "Ашана" Леиа Адлеиԥҳа лыцхрааразы имҩаԥнаго аԥареизгара алҵшәақәеи, урыстәылатәи афондқәеи дареи реицәажәарақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Амассатә информациатә хархәагақәа рымадараз аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа.
Мчыбжьык иалагӡаны 10 миллионк рҟынӡа еизгоуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Мархолиаԥҳа.
"Аԥара еизызго ауаа роуп, аха иазгәаҭатәуп, еиуеиԥшым анаплакқәа ирацәаны аԥара шыиарго. Алҵшәа бзиоуп иахьазы. Аамҭа макьана иҳамоуп, ҳахьӡоит аԥара ианаамҭоу аизгара", - ҳәа лгәы иаанагоит Мархолиаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.