Аԥсны

2024 шықәсазы Аԥсны абиуџьет ахь 6 миллиард мааҭк инареиҳаны ашәахтәқәа аланагалеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. 2024 шықәсазы Аԥсны абиуџьет ахь 6 миллиард мааҭк инареиҳаны ашәахтәқәа аланагалеит.
Иааизакны иуҳәозар, иҳаҩсыз 5 шықәса рыҩнуҵҟа абиуџьет ахь ҩынтә еиҳаны ашәахтә аланагалеит уаанӡатәи ахәышықәса раан аасҭа. Убри аан, ашәахтәқәа рхаҭақәа ирыцҵамызт, аизҳара ҟалеит ашәахтәқәа рышьаҭа (абизнес) аизырҳареи анапхгараҟаҵареи рыла.
Абиуџьет шьақәзыргылоз ашәахтәқәа рахь иаҵанакуеит ахәԥсацҵазы ашәахтә, афеидазы ашәахтә, ахашәалахәы азы ашәахтә.