Аԥсны

Аиашьаратә қалақьқәа Аҟәеи Нижни Новгороди аусеицуратә хсаала рнапы аҵарҩит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Аиашьаратә қалақьқәа Аҟәеи Нижни Новгороди аусеицуратә хсаала рнапы аҵарҩит. Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Нижни Новгород:
Аҟәатәи ашколқәа рахь VR еиқәыршәагақәеи аконтенти аанашьҭуеит.
Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу апарк аиҭашьақәыргыларазы афинанстә цхыраара ҟанаҵоит. Ахәыҷтәы-спорттә хәмарырҭа, арлашага ҿыцқәа, ашьаҟауаа рныҟәарҭақәа реиҿкаара азԥхьагәанаҭоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала, аӡыршә аҟаҵара азҵаара иахәаԥшхоит.
Иаԥшәымадоу аԥстәқәа рхылаԥшразы Аҟәа ацхыраара анаҭоит. Нижни Новгород аҿы урҭ рхыԥхьаӡара быжьнызқь рҟынтә хышә рҟынӡа армаҷра рылшеит. Апрограмма иаҵанакуеит аԥстәқәа раанкылара, алаҵа рзыҟаҵара, рраҟәара, анаҩс урҭ зышьцылоу аԥсабаратә ҭагылазаашьахь роушьҭра.
Ақалақь ахада Иури Шалабаев зхадараҿы дыҟоу Нижни Новгородтәи аделегациа жәабранмза 11 рзы Аԥсныҟа иааит. Аҟәеи Нижни Новгороди 2024 шықәса цәыббрамзазы аиашьара рыбжьарҵеит.