Ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭаразы Москвантәи Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центр аҟынтәи жәа-хырхарҭак рыла аҟазацәа Аԥснытәи аҳақьымцәа рыцхрааразы иааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахирург, ауролог, акардиолог, аневролог, аендокринолог.
Ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара мҩаԥысуеит хатәгәаԥхарала, ари алаҵаҟаҵара иазкӡам, ахәыҷы игәабзиара агәаҭароуп, ҳәа инаҵылшьит Кәарҷелиаԥҳа.
Адиспансеризациа хацыркын атрадициа ду змоу Аҟәатәи 10-тәи ашкол ала. Уаҟа аҵара зҵо рхыԥхьаӡара 1200-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ҽнак аҳақьымцәа игәарҭалоит 80-ҩык.
Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла ашәахьа инаркны Очамчыра араион ашколқәа рахь ииасуеит, еиҭа абригадақәа аараны иҟоуп.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.