Бгарданытәи ашкол аҿы аҵара рҵоит 44-ҩык ахәыҷқәа. Ирымаз автобус аҭагылазаашьа даара ицәгьан, мызла иангылазгьы ыҟан, ҳәа иҳәеит Конџьариа.
"Иҳаман автобус, аха аҭагылазаашьа цәгьоуп. 2011 шықәса рзы ҳамҭас иҳарҭеит. Есымзы иагу аҟаҵара ҳаҿын. Мчыбжьыла ианымныҟәозгьы ыҟан. Сентиабр ҳанҭала, мызкы иныҟәаӡомызт. Уи 10-ҩык акуан, ҿыц иҳарҭаз 22- ҩык", - ҳәа иҳәеит Конџьариа.
Ашкол аиҳабы иажәақәа рыла, ақыҭа зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит аҳамҭа, уи ҳус даара иарманшәалоит, ахәыҷқәа араион иалганы ианаҳгогьы ыҟоуп, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.