Арадио

Џьопуаԥҳа ақыҭа школ азы автобус ҿыц иазкны: ахәыҷқәа адеибаҳәало, игәырӷьаҵәа иаԥылеит

Урыстәыла Аԥсны иазаанашьҭыз автобусқәа рахьтә хԥа Очамчыра арион х-қыҭа школк ирызшоуп. Руак Ҷлоутәи ашкол иаҭоуп. Уи аиҳабы Марина Џьопуаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, ахәыҷқәа хара иҟоу аҳаблақәа рахьынтә ашкол ахь раара шыцәгьаз, ирымаз автобус иаҭагылазаашьаз.
Sputnik
"Ашықәс ҿыц азы иҳамаз аԥсшьарамшқәа рышьҭахь ҳанааи, раԥхьатәи амш азы, ҳавтобус ахәыҷқәа аанагарцаз иахьцаз, иаҳа ихараӡоу аҳаблахьы, уа иаанхеит. Ҩ-ҳаблак ихароу рҟынтә ахәыҷқәа раара уадаҩын азы ашкол аҭалара аамҭа ҳаԥсахит. Иахьа ианаркны асааҭ жәба рзы ашкол ҳалагоит. Ҳаиқәшәоуп шьҭа", - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуаԥҳа.
Ашкол аиҳабы илҳәеит, автобус ашҭа ианааҭала ахәыҷқәа адеибаҳәало, игәырӷьаҵәа ишаԥылаз.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.