Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак аинформациатә-аналитикатә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Џьопуеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроектқәа рҳәаақәҵаҩ Дмитри Жьибеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит, ҳмилаҭтә культура иахәҭаку аԥсуа жәлар рмузыкеи рыкәашареи ирызку апроектқәа "Аурашьеи" "Аԥсуа кәашареи" раԥҵара шыҟалаз.
Ас еиԥш апроект, ҳкультура аларҵәара иазырхо, еснагь еиԥш адгылара амазароуп, ҳәа агәаанагара ааирԥшит Џьопуа аиҿцәажәараҿы.
Апроект "Аурашьа" амузыкатә композициақәа жәаба рыла ишьақәгылоуп, ҳаамҭазтәи афольклортә музыкахь иаҵанакуеит. Аинтернертә ресурсқәа рҿы аԥсуа милаҭтә мотивқәа ыҟазарц ҳҭахын азы, ашәақәа еиҳа аларҵәара змоу амузыкатә даҟьақәа рҿы икьыԥхьуп, ҳәа иҳәеит Жьиба.
Апроект "Аԥсуа кәашара" акәзар, иаԥҵоуп авидео-урокқәа 12 инареиҳаны. Аҟәашара зҵар зҭаху ирызку. Арҭ рыҩба апроектқәа амилаҭтә фонд азы лагала дуӡӡоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Жьиба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.