"Сгәы иҭаскит икьаҿу амультфильмкәа ҩба рыҟаҵара. Урҭ апроектқәа аӡыргарахь рнагаразы амаҷ ауп иаанхаз. Сманшәалахар, мызкы иалагӡаны ихсыркәшоит. Актәи амультфильмқәа "Ахьча Чаҳмаҭи аҩсҭаа Кәымзаҷи" хыркәшоуп. Ари Џьума Аҳәба илакә ала ашәҟәы сахьала еиқәсыршәахьан. Иара жәеинрааланы ицоит. Аҩбатәи азнеира сацәшәон, ахәыҷқәа ирзааигәан иҟаҵатәын. Аформа кыр сазхәыцуан. "Риҵа алегенда" аус анадызулоз аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа шьақәыргылатәхеит, Риҵа лашьцәа ашьхақәа рыхьӡ рыхьӡуп. Ахәыҷқәа иднарҵаша ҟалоит", - ҳәа иҳәоит Кәыҵниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.