АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы асааҭ 15:00 рызтәи адыррақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 43,5% алхыҩцәа, хыԥхьаӡарала иугозар, ари 57 нызқьҩык иреиҳауп.
Ауаа рааишьа раионцыԥхьаӡа:
Аҟәа — 38%
Гагра араион — 41,59%
Гәдоуҭа араион — 48,66%
Аҟәа араион — 50,47%
Гәылрыԥшь араион — 42,63%
Очамчыра араион — 47,52%
Тҟәарчал араион — 41,47%
Гал араион — —54,38%
Москва рыбжьы арҭахьеит 1477-ҩык, Черқьесск — 1282-ҩык.