Аԥсны

Кәыҵниа: алхратә ҭыԥқәа рҿы аилагарақәа ҟалеит ҳәа аӡәгьы дмашшыцт

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Абыржәтәи аамҭазы алхратә ҭыԥқәа рҿы аилагарақәа ҟалеит ҳәа аӡәгьы дмашшыцт апрокуратура аусбарҭақәа рахь. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны апрокурор хада ин.н. Дамир Кәыҵниа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит алхратә ҭыԥқәа анаадырт инаркны араионқәа рпрокуратурақәа русзуҩцәеи аппарат хада аусзуҩцәеи зегьы аҭыԥқәа рҿы иҟоуп, иҷаԥшьоит ҳәа.
Аԥсны иаартуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, даҽа ҩба атәыла анҭыҵ — Москвеи Черкесски.
Абжьыҭаразы асиа иануп 134 500-ҩык алхыҩцәа, алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьақәдырӷәӷәарцаз асиа иану алхыҩцәа рыбжа еиҵамзароуп зыбжьы азҭаз.