Аԥсны

Шәҩык инареиҳаны ауаа рыбжьы рҭиит Москва иҟоу алхратә ҭыԥ аҿы раԥхьатәи асааҭ азы

Аԥсны зынӡа иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, Урыстәыла аҵакыраҿы — даҽа ҩба.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Шәҩык инареиҳаны ауаа рыбжьы рҭиит Москва иҟоу алхратә ҭыԥ аусура ианалага раԥхьатәи асааҭ азы.
Алхратә ҭыԥ акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа иазгәеиҭеит ауаа активла ишааиуа.
"Хәҩык акандидатцәа. Акандидатцәа зегьы аҵара змоу уаауп, уаа бзиақәоуп, уаа ааӡақәоуп, Аԥсны иапатриотцәоуп. Аинтрига, жәаҳәарада, алхрақәа нҵәаанӡа иаанхоит", — ҳәа иҳәеит Кобахьиа.
Алхратә ҭыԥ аҿы аус руеит Парагваи, Аргентина инхо жәларбжьаратәи анаԥшцәа, иара убасгьы аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа зегьы рҟынтәи анаԥшцәа.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәылаҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, даҽа ҩба — Урыстәыла.