Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сабекьиа ашәырҵлақәа жәабранмзазы аус рыдулара иазкны

Sputnik
Ақыҭанхамҩазы аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекьиа еиҭеиҳәеит аӡын мшқәа иахьазы ирыцу аԥхарра ашәырҵлақәа рзы шәарҭарас иацу, ахәшәтәраз имҩаԥгатәу аусқәа, ацитрус ҵлақәа реилыхра ианалагатәу.
Анхацәа ишьақәгылаз амш бзиақәа рхы иархәаны абаҳчақәа аус рыдулара иалагар ахәҭоуп иҳәеит Сабекьиа. Ацитрус шәырҵлақәа аламҵакәа егьырҭ аҵлақәа реилыхра уалагар ҟалоит, ацитрус акәзар иааиуа амза аҽеиҩшамҭа ашьҭах ауп аус адулара анахәҭоу ҳәа азгәеиҭеит.
Агәаӷь злоу ашәырҵлақәа аӡын ацәаакыра анырацәоу ахәаҷақәа рҟынтәи ихымԥадатәны ишыхәшәтәу инарҭбааны далацәажәеит аспециалист.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.