АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Владимир Путини Дональд Трампи рыбжьара ҭелла реицәажәара аҩганк рҟынтәи аконструктивтә, аусуратә, аиҩызаратә ҟазшьа аман ҳәа "Россия 1" ажурналист Павел Зарубин иеиҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Жәабран 12 рзы Урыстәылеи Америкеи рхадацәа сааҭки бжаки инарзынаԥшуа ҭелла еицәажәеит.
Ахадацәа излацәажәоз азҵаарақәа рыбжьара иҟан Украина аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара азҵаарагьы. Атәылақәа рхадацәа хаҭалатәи реимадарақәа рыцҵаразы еиқәшаҳаҭхеит, хаҭала реиԥылара аиҿкаара азҵаарагьы уахь иналаҵаны.