Аԥсны

Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба азинхьчаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи злахәу Апрокуратура хада ахылаԥшрала аоперативтә гәыԥ аԥҵаразы адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа актәи ртур алҵшәақәа рышьҭахь ицәырҵыз аршәарақәеи аҳәамҭақәеи рзы рҭагылазаашьа ҭырҵаарц.
"Сгәанала, Апрокуратура хада ахылаԥшрала, ҳәарада, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи ралахәрала аоперативтә гәыԥ аԥаҳҵароуп, насгьы абжьынҵамҭақәа рҿы, аҳәамҭаҿы, апҟара иазку аҳәамҭаҿы иҟоу шыҟоу ҭҵаатәуп, ари азҵаара еилыргатәуп, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп", - ҳәа иазгәеиҭеит Бганба.