Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусԥҟала, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡалоит ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычба.
Дмитри Қәычбериа Аԥсны Аҳынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.