Дазусҭада Мақьҭы Амҷба, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәит, иҭынха, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
Меқьҭи Амҷба – Владимир иабду иашьа иакәын. Џьгьардаҟа ианцалоз лассы-лассы ираҳауан Меқьҭи Амҷба илахьанҵа, уи рылахь еиқәҵаны иаман, ҳәа иҳәеит Занҭариа. Иара дҭархан ахара идҵан, дҭазырхазгьы, Сталини Бериеи рсистемоуп, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара дшыҷкәыныз "Кьараз" аидкылара далахәын, Нестор Лакоба инапынҵа наигӡон. Аҵарагьы иман. Далгеит Қарҭ аполитекникатә институт, аха азиндырыҩ иҵара иман.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.