Аԥсны

Бадра Гәынба иштаб аерман милаҭ ирхаҭарнакцәоу Аԥсны атәылауаа рзы амақаррақәа ирықәыӡбеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Бадра Гәынба иштаб ӷәӷәала иақәыӡбеит Гәынба зыбжьы изҭаз аерман милаҭ ирхаҭарнакцәоу Аԥсны атәылауаа рганахьала асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз амақаррақәа.

"Ҳара ӷәӷәала ҳрықәыӡбоит ас еиԥш иҟоу ааԥхьарақәа, ҳуаажәларраҿы аҭышәынтәалара аилагара, амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәымшәара амца аҵаҵара аӡәгьы дақәиҭаҳтәуам. Уи аҵыхәтәаны ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара ҵнашәаауеит. Алхрақәа рышьҭахь ицәырҵуа иалагаз амақаррақәеи аҳаҭырларҟәрақәеи - аерман милаҭ иатәу Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара аҟьашьроуп иаанаго. Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа, аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ас еиԥш иҟоу аҳәамҭақәа зегьы ирықәыӡбарц".

Иара убас, аштаб азинхьчаратә усбарҭақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит, урҭ ааԥхьарақәа азакәантә хәшьара рыҭареи, аерманцәа, Аԥсны атәылауаа, ршәарҭадара аиқәыршәареи рзы.
"Ҳара ҳганахьала иаҳҳәоит, атәылаҿы аҭышәынтәалареи амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәареи рыҵшәаара аӡәгьы ишиаҳамҭо", - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аԥсны
Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба азинхьчаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит