Амҩа макьана иаркӡам, аха асы илеиуа уаха иацнаҵар, ҽнак раҟара иаҳаркыр акәхоит, иҳәеит Џьергьениа.
"Асы еиҭа иацнаҵарц агәы иҭоуп, ус ианыҟала - амҩа ркхоит. Иара уажәгьы, амашьынақәа хало иалагар, амҩақәа ррыцқьара ҳшаҿу, ҳаиԥырхагахоит. Асы илеиуа даара ихьанҭоуп. Амахәҭақәа ихжәақәаз ыҟоуп. Машәырк ҟамларцаз, аҭагылазаашьа еснагь ахылаԥшра аҳҭоит", -иҳәеит абнахьчаҩ.
Иара иажәақәа рыла аҵаа ӷәӷәақәа ирзыԥшуп, -19 рҟынӡа. Ашықәсқәа еиҿурԥшуазар, сынтәа еиԥш Риҵа асы агны иҟамлацызт, аха уажәы аԥсабараа иаҳзаанагошәа аҽыҟанаҵеит, иҳәеит Џьергениа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.