АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Керчтәи аӡыбжьахалаҿ амкьаҭӷба амашәыр ианақәшәа ашьҭахь Амшын еиқәа 7961 километра аӡымҽхакыра ҭнаҵааит.
Иааизакны аусурақәа ианрылага инаркны 358 километра раҟара амшын аԥшаҳәа рыцқьоуп, 1865 нызқь тонна инареиҳаны иҟьашьу аԥслымӡи анышәи еизгоуп.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аӡхәыҵалаҩцәа амкьаҭӷбақәа иӡааҟәрылаз рыхәҭақәа, аӡымҽхакыра, амшын аҵа, амшын аԥшаҳәа аинфраструктуратә обиектқәа ргәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Аҟазауаа ҳазҭоу аамҭазы амшын аҵахь 676-нтә илбаахьеит, анефҭаалыҵ злоу ацрыҵқәа 766 сакь еизыргеит. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 185 нызқь тонна инареиҳаны иҟьашьу амаҭәашьарқәа еизгоуп.
Амшынеисраан амшын аԥшаҳәахьы амазут ҿықәымҳаларц Анапеи Темриуктәи арегиони рыԥшаҳәақәа рҿы аҽацәыхьчаратә каҭақәа злоу анышәеиқәыԥсарақәа шьақәдыргылеит.
Ԥхынҷкәын 15 рзы Керчтәи аӡыбжьахалаҿы 9,2 нызқь тонна рҟынӡа амазут зҭаз ҩ-мкьаҭыӷбак ӡааҟәрылеит. Атранспорт азы аминистрра излаанацҳауа ала, 2,4 нызқь тонна рҟынӡа анефҭтә аалыҵқәа амшын иалалеит.