Сынтәа Антон Чехов диижьҭеи иҵуеит 165 шықәса. Ишәҟәқәа ашкол аҿы усҟак ҳахысӡомызт, нас атеатр аҿы аусура саннанага, ирҿиамҭақәа даара исгәаԥхеит, бзиагьы дызбоит ҳәа уҳәар алшоит иҳәеит аиҿцәажәараҿы Жорданиа.
"Ахәылԥаз аиҿкаара ансыдыргала, ибиографиа сагәылалеит. Исзымдыруаз рацәахеит. Ауаа рзы дмаӡан ҳәа схазы аартрагьы ҟасҵеит. Иара даара аирониа зҵаз, алаф зҳәоз иакәын, аха убри аан илаф цҳаӡомызт. Ақьырсианра уамак ихаиҵомызт, абзиабарагьы агәра игаӡомызт. Иҳақьымра аҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵон, алитература иаҳа дамҽхакны дахьамаз азы. Сахалин дцеит, 82 мшы амҩа дықәын. Уа дахьнанагаз анхаҩцәа дрыцхраауан. Раԥхьатәи ашәҟәынҵара мҩаԥызгаз иара иоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Жорданиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.