АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. "Алхратә кампаниа иалахәу аганқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәа рҟны иаарԥшхо ауааԥсыра ргәазыҳәара рыдыркылароуп, уи зеиԥшрахозаалакгьы", — иҳәеит ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҵо.
Иара аполитикатә кризис аҭышәныртәалареи атәылауаа рыбжьара аҭынчра аиқәырхареи рзы ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит.
"Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ҳара иқәҳаргылаз азакәан иаҵанакуа ҳадҵақәа рыдыркылеит, насгьы абҵарамзатәи аиқәшаҳаҭраҿы ишҳәоу еиԥш, алхратә кампаниа нҵәаанӡа акадртә ӡбарақәа рыдкыларазы аморатории шьақәнарӷәӷәеит", — ҳәа иҳәеит аполитик.
Иара даҽазныкгьы иазгәеиҭеит амилаҭтә ҟазшьа змоу аиҿагыларақәа рылахәмарра шыҟамло.
"Сара соппоненти уи идгылаҩцәеи рахь схы нарханы аҳәара ҟасҵоит аҭынчра аадырԥшырц, амилаҭтә цәымӷра зырҿио аҳәамҭақәа ҟарымҵаларц, иара убас аиҿагылара зхылҿиаар алшо ажәақәеи аусқәеи рҽырцәырыхьчарц".
Иара убас Гәынба иазгәеиҭеит Ахра Аҩӡбеи егьырҭ "Пиатнашка" иалоу аҷкәынцәеи Аԥсны ишатәылауаау, насгьы Рыԥсадгьыл аҿы аҟазаара азин шрымоу. Урҭ рганахьала ииашам ажәак аҳәара ҟалашьа амам.
"Ҳара жәларык ҳауп, ҳаидгыланы ауп ауадаҩрақәа зегьы риааира, атәыла иҭышәынтәалоу аҿиарахь анагара анҳалшо", — ҳәа иажәа хиркәшеит Гәынба.