Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арсалиаԥҳа Урыстәыла акультура аминистр Аԥсныҟа лаара иазкны

Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова Аԥсныҟа лаара акультура аусзуҩцәа рзы ҵакыс иамаз атәы.
Sputnik
Урыстәыла акультура аминистр Аԥсныҟа лаара, ҳкультура-уаажәларратә ԥсҭазааразы даара акраҵанакуеит, ҳәа лҳәеит аинтервиу аҿы Арсалиаԥҳа.
"Аимадара ҳабжьан уаанӡагьы, уи аҭоурых алагьы иубоит, иахьагьы урҭ рырӷәӷәара ҳаҿуп. Аха, лара хаҭала лаара, акультура аусзуҩцәа, артистцәа, асахьаҭыхыҩцәа, арежиссиорцәа, дахьырԥылаз, дахьрацәажәаз, ргәаанагарақәа ахьеизылгаз, уи даҽа импульс бзиак анаҭап ҳара ҳаибабара, иҳабжьоу ацҳақәа еиҳагьы иҳарӷәӷәап", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.