АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik.Урыстәылатәи арбџьармчқәа Курсктәи аобласт аҿы Украина аҳәаа иахысны аӷа итәылаҿацә иалалеит ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
"Сааҭк аԥхьа исзаарыцҳаз аҵыхәтәантәи адыррақәа: иаха 810-тәи абригада аруаа Урыстәылеи Украинеи рҳәаа иахысны аӷа итәыла иалалеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит, афронт ацәаҳәа зегьы аҿы ишжәылаз.
Нанҳәа 6 2024 шықәсазы Украина Арбџьармчқәа Курсктәи аобласт иақәлеит, украинатәи архәҭақәа рықәцара рнапы алакуп урыстәылатәи ар. Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла араҟа аибашьра цонаҵы Киев 62 нызқь инареиҳаны аруааи 371 танки ацәыӡит.