Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәынба Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа иазкны

Sputnik
Жәабранза 21 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр афоие аҟны иаатуеит ацәыргақәҵа “Ҩ-ҟәарак. Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩ ҿарацәа рдиалог” захьӡу. Акультура аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аусмҩаԥгатә.
Иӡыргахо аҿар русумҭақәа роуп. 30 - Ҟрымынтәи иааз асасцәа иааргеит, 10 - аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа иртәуп.
"Иаҳа-иаҳа иҭбаахоит акультуратә цҳа иҳабжьоу, амузеиқәа, абиблиотекақәа, ацәыргақәҵақәа, ансамбльқәа, рыла аиҭанеи-ааира ыҟоуп. Ари шықәса азы акультуратә еимадара еиҳагьы иҭбаахоит. Аҵак ду амоуп Урыстәыла акультура аминистр Аԥсныҟа лаара", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.