Аԥсны

Аҳауа хьшәашәа амаамынааӡарҭеи алымқәа рпарк "Праиди" ишырнырыз рҳәеит урҭ рыԥшәмацәа

Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Иаха инаркны Аԥсны асоура иаҿуп.
Аҳауа хьшәашәа амаамынқәа рааӡарҭа, алымқәа рпарк "Праид" рыԥшәмацәа, амимозашәҭ ишырныруа:
Амамынааӡарҭа
Амаамынқәа рааӡарҭаҿы хымчыбжь раԥхьагьы аӡын аҽазыҟаҵара иалагахьан. Хаз иҟоу аҭахкаарақәа ирыҵаркуа ауадақәа арԥхагатә системақәа рыла еиқәыршәоуп. Уаҟа аҭыџь иалху арадиаторқәа шьақәыргылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аобиект анапхгаҩы Артур Аракелиан.
Аҭахкаарақәа рҿы иҟоу ауадацҵақәа рҿы аҳауа аԥхарра +19°C ыҟоуп. Амаамынааӡарҭаҿы иааидкыланы 500 рҟынӡа априматқәа ыҟоуп.
Амимоза
Аԥсны ишьақәгылаз ахьҭа амимоза ааха анаҭом ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Рафик Григориан.
Амимоза -4, -5°C рҟынӡа ахьҭа ачҳауеит.
Алымқәа рпарк "Праид"
Аацы ақыҭан иҟоу алымқәа рпарк "Праид" аҿы иҟоу, аԥхара бзиа избо – абжьасқәа, алышькьынтыр, апантера – ирԥхоу аҭахкаарақәа рҿы иҭакуп ҳәа иҳәеит апарк аԥҵаҩцәа ируаӡәку Олег Кононов. Аҽадақәеи, аџьмақәеи, ауасақәеи ракәзаргьы иарку ахыбрақәа ирыҩноуп. Амахҽ Ромео убриаҟара ахәы жәпа амоуп, аҵаа зеиԥшразаалакгьы иара иацәшәом. Алымқәа ракәзар, -10°C рҟынӡа аҳауа ахьшәашәара рычҳауеит.