АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. 2025 шықәса ажьырныҳәамза инаркны жәиԥшь ӷба аԥсыӡкратә ԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса рықәырҵеит ҳәа адырра ҟанаҵеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы.
Аԥсны иахьаҵанакуа, жә-наплакык акамшьиа акра азин рымоуп. Урҭ рҟынтәи ф-ӷбак ахараԥса рықәҵан:
аилахәыра "Сухрыбхоз" аӷбақәа ԥшьба иааидкыланы 12 нызқь мааҭ рықәҵан, урҭ рҟынтәи ӷбак 600 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥхасҭа ҟанаҵеит;
аилахәыра "Дениз" аӷбақәа ҩба, зегьы ааидкыланы 6 нызқь мааҭ ахараԥса рықәҵан, убри аан дара 60 нызқь мааҭ аԥхасҭа ҟарҵеит;
"Абхазморпром" аӷбақәа хԥа иааидкыланы 9 нызқь мааҭ рықәҵан, иҟарҵаз аԥхасҭа 180 нызқь мааҭ иҟоуп;
аӷба "Хамса" 3 нызқь мааҭ ахараԥса ақәҵоуп, 120 нызқь рыхә аԥхасҭа ҟанаҵеит;
"Блэк Си Фиш" х-ӷбак 9 нызқь мааҭ рықәҵоуп, зегьы еизакны 120 нызқь мааҭ аԥхасҭа ҟарҵеит;
"Сухрыбкомбинат" аӷба 3 нызқь мааҭ ақәҵоуп, 120 нызқь мааҭ аԥхасҭа ҟанаҵеит. Изныкымкәа аԥҟарақәа ахьеилагаз азы ӷбақәак 24-48 сааҭ рыҩнуҵҟа аԥсыӡкраз рзин аанкылан.