АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рҟынтәи 71% 18 шықәса инаркны 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿар роуп. Иааизакны 2 000 инареиҳаны азыҳәақәа ҟаҵоуп.
Аицлабра рҽаладырхәуеит еиуеиԥшым аусуратә хырхарҭақәа рҟынтәи анапхгаҩцәа. Убас ала, азыҳәа ҟазҵаз зегьы рҟынтәи 13,4% аҳәынҭқарратә маҵзуреи административ-нхамҩатә усуреи рнапы рылакуп, 10,1% – аҵареи аҿар рполитикеи, 8% – аекономикеи азиндырреи.
Аицлабра х-етапкны имҩаԥысуеит. Актәи адистанциатә ҵара хәажәкырамза 12 рзы ихыркәшахоит. Аицлабра Бадра Гәынба иаԥшьгарала имҩаԥысуеит, абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа ралкаареи рыцхыраареи, акадртә резерв ашьақәыргылареи ирызкуп.
"Аицлабра "Аԥсны акоманда" адистанциатә етап апроект афинал ахь анеира мацара акәӡам ҵакыс иамоу. Раԥхьа иргыланы уи зегьы рзы зеиԥшыҟам алшара аԥнаҵоит рнапхгаратә ҟазара аԥышәаразы, еиҳа адырра ахьрымоу аганқәеи рырҿиаратә хырхарҭақәеи ралкааразы, рхала рхы ахәшьара арҭаразы. Иҩбахаз, алахәылацәа арҭ алкаақәа инарываргыланы аекспертцәа рҟынтәи ироуеит абжьагарақәа, дара ԥхьаҟа реизҳаразы рхатәы мҩа алхраҿы", — иҳәеит Аԥсны аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Ҭарашь Ҳагба.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иаԥшьгарала ихацыркыз апроект урыстәылатәи апрограммақәа рҿырԥшала иаԥҵоуп. Аԥшьгамҭа ахықәкы хада – аԥышәа змоу анапхгаҩцәеи аҿари рзы хра злоу асоциалтә еизҳарақәеи раԥҵароуп. Апроект алҵшәа хадақәа иреиуахароуп ареспублика анаҩстәи аҿиараҿы ацхыраара ҟазҵо акадртә резерв ашьақәыргылара.