Адиспансеризациа иахысуеит зегьы, аҭаацәа рҟынтә аӡәгьы мап ацәимкӡеит ҳәа азгәалҭеит Ашәба аиҿцәажәараҿы.
"Даараӡа иаҭаху усуп. Аинтернат аҿы иҭоуп ақыҭақәа рҟынтә. Уажәы агәамбзиара иахҭакны ишамоугьы иааит, рыҽгәарҭарцаз. Аҳақьым ихылаԥшра рҭахуп. Араҟа хәыда-ԥсада рхы инаркны ршьапаҟынӡа игәарҭоит", - ҳәа лҳәеит Ашәԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.